Difference between revisions 109388 and 110466 on abwiki[[Афаил:De Gaulle-OWI.jpg|мини]] '''Шарль Андре Жозеф Мари де Голль''' ({{lang-fr|Charles André Joseph Marie de Gaulle}}) – афранцыз генерал, аполитик, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьранӡа еицырдыруаз атанктә еибашьра атактик иаҳасаб ала Аҩбатәи адунеизгьтәи аибашьра аан зых иақәиҭыз франциатәи амчрақәа раҧԥхьагыла, 1944–1946-тәи ашықәсқәа рзы аамҭалатәи аиҳабыра рхада. Аконституциа ҿыц агәазырхаҵаҩы, насгьы 1958 шықәса инаркны 1969 шықәсанӡа Ахәбатәи ареспублика актәи ахада. ==Анысмҩеи арратә кариера алагареи== Диит Шарль де Голль акрызкыз аҭаацәараҿы, иара иҭаацәа католикцәан. Иаб Анри де Голль Вожирар амҩаҟны игылаз Иезуиттәи аколлеџь аҟны аҭоурыхи афилософиеи амаҭәарқәа дрыҧԥхьон. Шарль адинхаҵара иадҳәалаз аҵарадырра иоуит, ирацәаны даҧԥхьон, дхәыҷаахыс алитературахь аинтерес ду ааирҧԥшуан, ажәеинраалақәагьы иҩуан. Ажәеинраалақәа зыҩуаз аҵаҩцәа рыбжьара имҩаҧԥгаз аицлабра аҟны де Голль иигаз аиааира аан идыргалаз аҧԥаратә ҳамҭеи иажәеинраалақәа ркьыҧԥхьреи рыбжьара, аҩбатәи алихит. Де Голль убасгьы, аҭоурых даара дазҿлымҳан, иара иҭаацәа ракәзар, рхылҵшьҭреи, урҭ иаадырҧԥшхьаз афырхаҵарақәеи ирылаҽхәон: аҭаацәаратә легенда инақәыршәаны, де Голльаа рҭаацәара аҟнытә Жеган захьӡыз, Жанна д'Арк лныҟәара далахәын. Де Голль хәыҷы иаб иеиҭеиҳәоз арҭ ажәабжьқәа даара бзиа ибон, иабшьҭра рҭоурыхқәа дрызҿлымҳан. Аӡәырҩы, иаҳҳәозар Уинстон Черчилль де Голль дихыхәмаруан, уара «Жанна д’Арк лхыхьымӡшьрақәа умоуп» ҳәа. Аҧԥхьаҟа игенералхараны иҟаз де Голль данхәыҷыз, Франциа пату ду зқәыз, иҧԥшьаз Жанна д'Арк ҳәа ззырҳәоз данлеиҧԥхыӡуазгьы ыҟан, иҧԥхыӡқәа рҟны лареи иареи Франциа ахьчаразы рыжәҩақәа еидҵаны еибашьуан. Ихәыҷраамҭақәа раан де Голль иҟазшьа аҷыдарақәа иреиуахеит ауаа напхгара рзуреи, ииҳәоз анагӡареи. Уи иҟазшьа аҷыдарақәа ирыбзоураны, иара ихаҭагьы, иашьцәагьы, иаҳәшьагьы имаӡаз абызшәа рҵеит, уи абызшәаҟны ажәақәа шьҭахьлантъ ҧԥхьаҟа иаҧԥхьон. Иҳәатәуп, афранцыз орфографиа азы ас еиҧԥш аҧԥхьара алыршара акырӡа ишыуадаҩу, иаҳҳәап аурыс, англыз, анемец бызшәақәа рҟны аасҭа, аха ус шакәызгьы, Шарль де Голль даҿамхаӡакәаны ари абызшәа ала ажәабжьқәа еиҭеиҳәар илшон. Иара еснагь ихшыҩ арҵарра аус адиулон, уи ифеноменалтә ҟазшьақәа иааигәа иҟаз дыршанхон, де Голль илшон 30–40 даҟьа рҟынӡа ирныз гәынкыланы ҿырҳәала аҳәара, ажәакгьы бжьамыжькәа. Де Голль данқәыҧԥшыз инаркны ҧԥшь-дисциплинак рахь аинтерес иман: алитература, аҭоурых, афилософиа, арратә ҟазара. Афилософцәа рахьтә иара идунеихәаҧԥшра еиҳа анырра азҭаз дыруаӡәкуп Анри Бергсон, уи иҵарадыррақәа рҟынтә зегь реиҳа иҧԥсҭазаараҿы ихадарахаз идунеихәаҧԥшышьа ашьақәгылареи, есҽнытәи ихымҩаҧԥгашьа шьақәзыргылоз адыррақәа роуп. Актәи – Бергсон иҧԥхьаӡон ҧԥсабарала иаҧԥу ауаа ршара – иалкаау абиҧԥареи иргәаҟу ажәлари ҳәа – ари адемократиа аҧԥхьа адиктатура иамоу ҧԥыжәароуп ҳәа. Аҩбатәи – ацәалашәаратәи философиа, уи инақәыршәаны ауаҩы иусура зегьы зыдҳәалоу аинстинкти ахшыҩи реинырра ауп. Арҭ ахшыҩҵакқәа де Голль акыр хра злоу аӡбамҭақәа рыдкылара аан ахархәара риҭон, урҭ роуп иара дхазгалазгьы, анаҩс даҧԥызхызгьы. Иҭаацәаратә ҭагылазаашьеи, насгьы дзызҿлымҳази де Голль иҧԥсадгьыл ахь, уи аҭоурых ахь, имиссиахь азыҟазаашьа шьақәнаргылеит. Аха арратә ус ахь имаз азҿлымҳара де Голль апрактика аҟны иааирҧԥшит. 1909 шықәса рзы Шарль де Голль Сен - Сиртәи Арратә академиа дҭалеит. 1913 шықәса рзы алеитенант еиҵбы ичын иманы иара, усҟантәи аамҭазы аполковник Филипп Петена командаҟаҵара ззиуаз аршьаҟауаа рполк ахь амаҵзура ахысразы дцоит (Филипп Петена ибзоурала де Голль акомандатә ҳаракырахь дхалоит, аамҭак анаҩс 1945 шықәса рзы иқәҵаз ашьрагьы дацәцеит). Аибашьра алагамҭазы Шарль де Голль ҩынтә дхәын, уи ашьҭахь шасыс дыргоит, уа иҟазаара иалагӡаны хәынтә дыбналарц иҽазишәеит, аха урҭ зегьы лҵшәадахеит. Аибашьра анеилга ашьҭахь, иара ар рҟны даанхоит, уа раҧԥхьа аинрал Максим Веиганда иштаб аҟны имаҵзура ихигон, анаҩс аинрал Филипп Петена ирхәҭақәа рҟны иуалҧԥшьа неигӡон. Польшеи асоветтәи еибашьра аан, 1919–1920 шықәсқәа рзы, Шарль де Голль Польша аршьаҟауаа рырхәҭақәа рҟны инструкторс дыҟан. Иара усҟан амаиор ичын аҟынӡа дышьҭыхын, иагьидгалан аҧԥхьаҟатәи икариера Польша иациҵарц, аха де Голль Франциаҟа агьежьра алихит. ==Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра== Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алагамҭазы де Голль аполковник ичын шимаз дыҟан, избанзар ирратә напхгара иааирҧԥшуаз идунеихәаҧԥшышьазы бзиа дырбомызт рацәак. Аха, рашәарамза 10, 1940 шықәса рзы анемеццәа Седан ианалала, иара игәра ганы аҧԥшьбатәи акәылӡтәы техникатә дивизиа анапхгараҭара идыргалоит. Рашәарамза 28 рзы де Голль итанкқәа анемеццәа раанкылара рылшеит Каумонте аҵаҟа ицоз аибашьра аан. Аполковник де Голль иоуп афранцыз командаҟаҵаҩцәа зегьы рахьтә анемеццәа хьаҵыртә еиҧԥш аҟаҵара зылшаз, Франциа ианалалаз аамҭазы. Аҧԥыза-министр Поль Реино усҟан чынла дҳареикуеит, абригадатә генерал инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаиҵоит. Рашәрамза 6, 1940 шықәса рзы, Реино де Голль Британиа дуи Франциеи рыбжьара амилаҭтә тәылахьчаразы акоординациатә усқәа рҭакзыҧԥхықәу аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧԥуаҩыс дҟаҵеит. Аиҳабыра рлахәылас иҟалаз агенерал ахьаҵразы иҟарҵоз ажәалагалақәа дырҿагылон. Аха, аибашьра ацҵара иадгылоз аиҳабыра алахәылацәа, ари аус аҟны иаҵахеит аҟынтә, Реино ҧԥхьатәара дцеит. Петен иакәзар, аҧԥыза-министрс даныҟала Германиа анышәара дашьҭалеит. Рашәарамза 17 рзы, аинрал Поль Реино ииҭаз 100-нызқь ахьтәы франкқәа иманы Бордонтәи ҳаирпланла дыбналоит, уи Лондон дтәоит. Де Голль иакәзар, Франциа акапитулиациа мап ацәикырц иӡбеит, насгьы Аҿагыларатә ҵысра аҧԥҵара далагеит. Рашәарамза 4, 1940 шықәса рзы Тулузтәи арратә трибунал де Голль ҧԥшьышықәса иқәҵаны дарбаандаҩуеит. Аҩбатәи арратә трибунал аҟны, нанҳәамза 2, 1940 шықәса рзы, ашьра иқәҵан, аҧԥсадгьыл аҧԥсахразы. Аха Франциа ахы ианақәиҭыртә иара иаарласны Зых иақәиҭыз франциатәи амчрақәа рҿаҧԥхьа иаҳаҭыр шьҭихуеит. Парижҟа даныгежь, аинрал Ахҧԥатәи ареспублика ашьҭрамадара рылеиҳәеит, иара афашисттә Франциа алегетимра мап ацәикуан. Аибашьра анеилга де Голль 1944 шықәса цәыббрамза инаркны 1946 шықәсанӡа аамҭалатәи аиҳабыра рхадас дыҟан, аха жьырныҳәамза 20 рзы иара аполитикатә партиақәа рҟны аҭыҧԥ змаз аконфликт ҿыҵгас иҟаҵаны ҧԥхьатәара дцоит, насгьы иара Аҧԥшьбатәи ареспублика аконституциа апроект идикыломызт, избанзар ари аконституциа апарламент алахәылацәа амчра ду рынаҭон. ==1958 шықәса: Аҧԥшьбатәи Ареспублика ахыбгалара== Аҧԥшьбатәи Ареспублика аполитика аганахьала уахәаҧԥшуазар, даара иҭышәынтәаламызт, Индокитаитәи аманшәаламра, насгьы алжиртәи азҵаара ӡбашьа ахьамамызи рганахь ала. 1958 шықәса, лаҵарамза 13 рзы аҿыцынхаҩцәа Алжир аиҳабыра ахьтәаз ахыбра рнапахьы иааргеит. Акомандаҟаҵаҩ хада, аинрал Рауль Салан арадио ала адырра ҟаиҵеит, аруаа аамҭала франциатәи Алжир алахьынҵа азы аҭакҧԥхықәра рхахьы ишыргаз. Акризис аҽарҭбаауан, избанзар франциатәи апарашиутистцәа Алжирнтәи Корсика рнапахьы иааргеит, насгьы иалацәажәон Париж азааигәара адесант артәара азҵаара. Апартиақәа зегьы раҧԥхьагылаҩцәа ракәзар, де Голль амчрахь игьежьра иақәшаҳаҭхеит. Ари аҭагылазаашьа мап ацәызкыз Франсуа Миттеран икоммунисттә партиа заҵәык ауп, урҭ де Голль афашисттә аарҳәра дагентуп ҳәа иқәыӡбеит. Де Голль аханатә еиҧԥш игәы иҭан Аҧԥшьбатәи ареспублика аконституциа аҧԥсахра, уи Франциа аполитикатә ҭагылазаашьа арҧԥсыҽуеит ҳәа иҧԥхьаӡаны. Аинрал фымз ирылагӡаны инарҭбаау аҭагылазаашьа ҷыдатә зинмчқәа ирҭозар, насгьы аконституциа ҿыц адкылара иадгылозар амчрахь дшыгьежьуа азы дрылаӡеит. Рашәарамза 1, 1958 шықәса рзы де Голль аҧԥыза-министрхеит. Цәыббрамза 28, 1958 шықәса рзы имҩаҧԥган ареферендум, 79,2 % зыбжьы азҭаз аконституциа ҿыци Ахәбатәи ареспублика аҧԥҵареи адгылара арҭеит. Аколониақәа (Алжир официалла Франциа иахәҭакын, калониаӡамызт) алшара роуит ахьыҧԥшымреи аконституциа ҿыци рыбжьара алхразы. Аколониақәа зегьы аконституциа ҿыц азы рыбжьы арҭеит, Гвинеиа заҵәык ада, уи ахьыҧԥшымра зауз, раҧԥхьатәи Франциа иатәу африкатәи колониахеит, франциатәи ацхыраарагьы уа иаанкылан. ==1958–1962-тәи ашықәсқәа: Ахәбатәи ареспублика аҧԥҵара== 1958 шықәса, абҵарамзазы де Голльи уи ишьҭрақәлаҩцәеи абжьқәа реиҳарак роуит, ҧԥхынҷкәынмзазы аинрал иоуз 78% абжьқәа ирыбзоураны президентс далхын. Иара даара иџьбараз аекономикатә усқәа идикылон, уахь иаҵанакуеит афранк ҿыц аҭыжьрагьы. Нанҳәамза 22, 1962 шықәса рзы аинрали иҧԥҳәыси ирықәлоит, аха дара аҧԥсра иацәцоит. Жәларбжьаратәи арена аҟны де Голль Еиду Америкатәи Аштатқәеи Асовет Еидгылеи рыбжьара дыбжьажьон, зхатәы иадертә бџьар змоу ихьыҧԥшым Франциа аларҵәо. Убасгьы, де Голль Франциеи Германиеи рыбжьара аусеицуразы аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара далагеит, иара Наполеон ихаанахыс раҧԥхьаӡа акәны Германиа Франциа ахада иаҳасаб ала даҭааит. ==1962–1968-тәи ашықәсқәа: аҳаракыра аполитика== Алжиртәи аконфликт аҭагылазаашьа аҟны де Голль илшеит ихадаз ҩ-хықәкык рынагӡара: Франциа аекономика ареформа азура, адәныҟатәи аполитикаҟны Франциа апозициа ҕәҕәа адгылара аҭара, «аҳаракыра аполитика» ҳәа ззырҳәоз. Аиҳабыра активла аекономика рхы аларгалон, уи аан мыруга хадас ирымаз хәышықәсатәи апланқәа ракәын. Аҳәынҭқарра иазырхаз амраҭашәарахьтәи акапитализми аекономикеи ркомбинациа иабзоураны, даара инарҭбааз апроектқәа аҧԥсҭазаара иаларҵәан. 1964 шықәса рзы, раҧԥхьаӡа акәны 200 шықәса ирылагӡаны, Франциатәи ВВП Британиа Ду иаҧԥысит. Де Голль агәра ганы дыҟан, Франциа ӷәӷәаӡа аҟазаара адунеи зегьы аинтересқәа ирықәшәоит ҳәа. 1964 шықәса рзы, Франциа официалла КНР азханаҵеит, Еиду Америкатәи Аштатқәа уи ишаҿагылозгьы. 1965 шықәса, ҧԥхынҷкәынмзазы де Голль даҽа быжьшықәса ҿҳәарас иаҭаны президентс далхын, уи Франсуа Миттеран алхрақәа раан даиааиуеит. 1966 шықәса, жәабранмзазы Франциа НАТО иалҵуеит. Де Голль ихатәы иадертә мчрақәа аҧԥҵо, иҭахымызт Вашигтон ирыдыркылоз аӡбамҭақәа дырхьыҧԥшызарц. 1967 шықәса, рашәарамзазы иара израилиаа дрықәыӡбоит Мраҭашәаратәи аҟәареи Гази аоккупациа ахьазыруз азы, Фымштәи аибашьра ашьҭахь. Ари даара акрызҵазкуаз ҭагылазаашьан Франциеи Израили рполитикатә еизыҟазаашьазы. ==1968 шықәса: амчра аҟынтәи ацара, аҧԥсра== 1968 шықәса, лаҵарамзазы аҭыҧԥ змаз ақәгыларақәеи адемонстрациақәеи даара ипроблема дуун де Голль ипрезидентразы. Иара апарламент еиуижьит, уи алагьы аиҳабыра рыбжьқәа реиҳарак ицәыӡит, анаҩс рашәарамза 1968 шықәса рзы алхра ҿыцқәа мҩаҧԥигеит, урҭ алхрақәа аголлистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи рзы қәҿиара духеит: апартиа иаиуит 358 ҭыҧԥ, иҟаз 487 ҭыҧԥ рҟынтәи. Шарль де Голль ҧԥхьатәара дцеит мшаҧԥымза 28, 1969 шықәса рзы, иара ихаҭа иабжьигаз ареферендум анылҵшәадаха ашьҭахь. Шарль де Голль президентс иҟазаара аан, даара аҿиара аиуит асовет-франциатә еизыҟазаашьақәа. 1966 шықәса рзы де Голль официалтә визитла Асовет Еидгыла (СССР) даҭааит. Усҟан имҩаҧԥгаз аиҿцәажәарақәеи, 1966 шықәса, рашәарамза 30 рзы анапы зҵаҩыз асовет-франциатә Декларациеи ирыбзоураны, асоветтә-франциатә еизыҟазаашьақәа рҭоурых азы етап духеит. Шарль де Голль ҧԥхьатәара данца Коломбе-ле-дез-Еглиз дынхон. Иҧԥсҭазаара далҵит, 1970 шықәса, абҵарамза 9 рзы. Анышә дамадоуп дахьынхоз аҭыҧԥ Коломбе-ле-дез-Еглизтәи аҧԥсыжырҭаҿы. ==Аинтерес зҵоу афактқәа== Жозеф Мари де Голль – франциатәи арратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, аинрал. Иара еицырдыруаз уаҩны дшыҟазгьы, ихатәы ҧԥсҭазаара аҟынтә еилкаам рацәоуп. ===Афакт №1=== Аҩажәатәи ашәышықәса, аҩажәатәи ашықәсқәа рзы афицар ҿа Шарль де Голль длабадыруеит Ивонна Ванду, ахаатәы ҟазҵоз иҧԥҳа. Уи абал ахь ааҧԥхьара лиҭоит. Аха иара акәашашьа ахьизымдыруаз азы, ахәылҧԥаз зегьы арратә жәабжьқәа лзеиҭеиҳәон. Знык-ҩынтә ианеиқәшәа ашьҭахь, лҭаацәа иралҳәоит «ма иара, мамзаргьы уаҳа даҽаӡәы мап» ҳәа. ===Афакт № 2=== Ивонна Ванду дзыццараны дыҟаз 30 шықәса ихыҵра аан илӡыз анбан хаақәа ирылхны бзиа дшибо атәы иҳәар акәхеит, жәаҳәарада, ас еиҧԥш аребус де Голль изы иуадаҩмызт, избанзар дхәыҷаахыс ажәақәа нарҳәаарҳәны аҧԥхьашьа идыруан. ===Афакт № 3=== Аамҭак азы де Голль аҧԥара ахьимамыз иахҟьаны, иҩыза Гарри Трумен ҳамҭас ииҭаз америкаа равтомобиль иҭиир акәхеит. Ифинансттә ҭагылазаашьа арҽеира алдыршеит иҭыҵыз имемуарқәа. ===Афакт № 4=== Шарль де Голль ҧԥшьынҩажәа шықәса анихыҵуаз Конго аҧԥыза аббат Фиульбер Иулу дидкыло, уи ишәыз асутана дарҩашьан, «Мадам…» ҳәа иеиҳәеит. ===Афакт № 5=== Шарль де Голль ҽнак абас еиҧԥш азгәеиҭеит: «ҦԤсыхәас иамоузеи 246 ашәхкқәа ахьыҟарҵо атәыла напхгараҭарас?» ҳәа. ===Афакт № 6=== Де Голль иҟаиҵаз аҿаҵарала ауп Марк Шагал Гранд Опера асахьанҵара дшалагаз. ==Азхьарԥшқәа== * [https://citaty.su/kratkaya-biografiya-sharlya-de-gollya] * [https://ik-ptz.ru/obschestvoznanie/sharl-de-goll-soobshchenie-kratko-uhod-v-otstavku-i-smert-kontrol-nad.html] * [https://24smi.org/celebrity/17315-sharl-de-goll.html] * [https://stories-of-success.ru/sharlya-de-gollya] * [https://www.gazeta.ru/science/2020/06/18_a_13121449.shtml] * [https://diletant.media/articles/26536223/] * [http://www.hyno.ru/tom1/1727.html] * [https://magazines.gorky.media/oz/2004/2/de-goll-i-reforma-gosudarstvennogo-ustrojstva-franczii.html] * [https://www.dissercat.com/content/alzhirskii-vopros-v-politicheskoi-ideologii-i-praktike-gollizma-1954-1962-gg] * [http://www.stoletie.ru/territoriya_istorii/i_vozhdi_uhodyat_v_otstavku_2009-04-28.htm] * [https://www.nnov.kp.ru/daily/26156/3044514/] * [https://www.knigikratko.ru/news/velikie-mysli/interesnye-fakty-iz-zhizni-sharl-de-gollya] [[Акатегориа:Франциа апрезидентцәа]] [[Акатегориа:Франциа апыза-министрцәа]] [[Акатегориа:Франциа аинралцәа]] [[Акатегориа:Антикоммунистцәа]] [[Акатегориа:1890 шықәсазы ииз]] [[Акатегориа:Абҵарамза 22 рзы ииз]] [[Акатегориа:1970 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Абҵарамза 9 рзы иԥсыз]] All content in the above text box is licensed under the Creative Commons Attribution-ShareAlike license Version 4 and was originally sourced from https://ab.wikipedia.org/w/index.php?diff=prev&oldid=110466.
![]() ![]() This site is not affiliated with or endorsed in any way by the Wikimedia Foundation or any of its affiliates. In fact, we fucking despise them.
|