Revision 40915 of "Ауаҩытәыҩса Изинқәа Зегьеицырзеиҧшу Адекларациа" on abwiki

[[Афаил:Eleanor Roosevelt and Human Rights Declaration.jpg|thumb|250px|Eleanor Roosevelt & Ауаҩытәыҩса Изинқәа Зегьеицырзеиҧшу Адекларациа (1949)]]

'''Алагалажәа'''

Дызусҭзаалак, ауаатәыҩсатә ҭаацәара иалахәу иҳаҭыри, иара иузиҟәымҭхо имоу изинқәеи, ахақәиҭреи, аиашареи,

адунеижәларбжьаратәи аҭынчреи шьаҭас ишрымоу хшыҩзышьҭра азуа,

иара убас ауаҩы изинқәа ратәамбареи хырҩаа рымҭареи, ламыс змоу дарбанзаалак изымычҳаша агыгшәыгратә хымҩаҧгашьа
аҟынза ауаҩы дышнанагахьо еилкааны, насгьы ауаҩы иажәеи идунеихәаҧшышьеи дрықәиҭны, ашәареи амамзаареи

дыдмыргәаҟуа – адунеи иахьабалак абри аҩыза аҧсҭазаара аҧҵара ауаҩы зегь иреиҳау игәыҕрақәа ишыруакыу хшыҩзышьҭра
азуа, иара убас, ауаҩы аџьамыҕәеи ахәуреи иаартны дырҿамгылар ада царҭа имамкәа аҟынза инамгараз, ауаҩы изинқәа

азакуан амчра иамыхьчар ада ҧсыхәа шыҟам хшыҩзышьҭра азуа,

Иара убас ажәларқәа реиҩызара аизҳазыҕьара ацхыраара шаҭахыу хшыҩзышьҭра азуа,

Иара убас Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалахәу ажәларқәа ауаҩ ихадароу изинқәеи, ипатуи, ауаҩ ихаҭара аҳаракыреи, хаҵеи
ҧҳәыси зинла реиҟарареи – абарҭ зегь рахь ирымоу агәрагара рыҧҟаҧҵа аҟны ишьақәрҕәҕәаны ауаажәларратә ҿиареи ауаҩ
еиҳа ахақәиҭра иманы иҧсҭазаара аиҕьтәреи иацхраарц шырызбаз хшыҩзышьҭра азуа,

Иара убас еилахәу аҳәынҭқаррақәеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи рус еицурала, зегь еицырзеиҧшу аҳаҭыреиқәҵареи

ауаҩытәыҩса изинқәеи ихадароу ихақәиҭрақәеи рымҩаҧгара иацхраарц ахьырызбаз хшыҩзышьҭра азуа,

Иара убас арҭ азинқәеи ахақәиҭрақәеи еицеиҧшны зегь рзы аилкаареи, рхы иадырҵаз абри аус анагзареи аҵак ду шрымоу

хшыҩзышьҭра азуа

'''Ассамблеиа Хада'''

Ирыланаҳәоит ауаҩытәыҩса изинқәа Зегьеицырзеиҧшу Адекларациа, ажәларқәеи аҳәынҭқаррақәеи зегьы зынагзара рҽазыршәо хықәкык аҳасабала иахәаҧшны, дарбанзаалак ауаҩи, аилазаара иарбан хуҭазаалакгьы абри Адекларациа рхы иархәаны, аҵарадырра аларҵәара амҩала абарҭ азинқәеи ахақәиҭрақәеи ҳаҭыр рықәҵара иацхраауа, еиуеиҧшым амилаҭтәи, жәларбжьаратәи апрогрессивтә усхкқәа рынагзарала, иахьабалк, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа рыҟнеиҧш, урҭ рнапаҵаҟа иҟоу атәылақәа ирықәнхо ажәларқәагьы еицырзеиҧшны ирыдыркыларц, иагьынарыгзаларц азы.

'''Ахәҭаҷ 1

Дарбанзаалак ауаҩы дшоуп ихы дақәиҭны. Ауаа зегь зинлеи патулеи еиҟароуп. Урҭ ирымоуп ахшыҩи аламыси, дара дарагь аешьеи аешьеи реиҧш еизыҟазароуп.

'''Ахуҭаҷ 2'''

Дарбанзаалак ауаҩы абри Адекларациа ирыланаҳәо азинқәеи ахақәиҭрақәеи зегь имазароуп, милаҭлеи, хаҵалеи ҧҳәыслеи,

бызшәалеи, хылҵшьҭралеи, динлеи, маллеи, маҵуралеи, нхарҭа ҭыҧлеи дунеихәаҧшышьалеи, цәаҧшшәахәылеи

дызҵазкуазаалак.

Иара убас дахьықәнхо атәыла аполитикатә, азинтә, ма Адунеижәларбжьаратәи астатус зеиҧшразаалак, уи атәыла

хьыҧшымзаргь,

ма ахатә напхгара амамкуа азәыр инапаҵаҟа иҟазагь, мамзаргьы даҽакала ахақәиҭра наза амамзаргьы.

'''Ахәҭаҷ 3'''

Дарбанзаалак ауаҩы аҧсҭазаареи, ахақәиҭреи, хаҭала азә диламкьысуа аҟазаареи рзин имоуп.

'''Ахәҭаҷ 4'''

Дарбанзаалак ауаҩы атәра дҭаргыламзароуп, ма акгьы дақәиҭымкәа ҽазә инапаҵаҟа дыҟамзароуп; атәреи атәыҭииреи зеиуахк
рылазаалагьы рзин ыҟам.

'''Ахәҭаҷ 5'''

Дарбанзаалак ауаҩы ирҳәацәарара, иргәаҟра, иаҳаҭыр аларҟәра, иакәым иақәыршәара залшом.

'''Ахәҭаҷ 6'''

Дарбанзаалак ауаҩы, тәылас дахьыҟазаалакгьы азин имоуп иара изинхаҭара азхарҵаларц.

'''Ахәҭаҷ 7'''

Азакәан аҿаҧхьа ауаа зегь еиҟароуп, насгьы еилых ҟамҵакәа азин рымоуп азакәан еиҟараны иахьчаларц. Дарбанзалак ауаҩы
изинқәа реилагара, ма игәы иаҭахымкәа зинеилагарак иалархәра азакәан иалнамыршозароуп.

'''Ахәҭаҷ 8'''

Дарбанзаалак ауаҩы аконституциа ма азакәан ирҭаз ихадароу изинқәа анааилагаха азин имоуп иашьашәалоу амчхара змоу
амилаҭтә усзбарҭала изинқәа реиҭашьақәыргылара.

'''Ахәҭаҷ 9'''

Дарбанзаалак ауаҩы хаҳәатәыла ирбаандаҩтәра, иаанкылара, мамзаргьы иқәцара ҟалом.

'''Ахәҭаҷ 10'''

Дарбанзаалак ауаҩы, иара изинқәеи уалс идуи еилкаахарцаз, насгьы иара идырҵоз ашьауҕатә аара ҵаҵҕәыс иамоу

ашьақәыргылараз азин имоуп зегьы рзы иҟоу аиҟарара ихы иархәаны иус аартны, иашала, ихьыҧшым аусзбара иазбартә аҟаҵара.

'''Ахәҭаҷ 11'''

Дарбанзаалак, ацәгьара ҟаиҵеит ҳәа ахара здырҵаз ауаҩы, азин имоуп аара змам ҳәа дыҧхьазазарц, иду аара азакәанмҩа

инақәыршәаны, иаарту усзбарала еилырганы ишьақәыргылахаанза. Аара здырҵо изаҧҵахароуп закәанла ихы ихьчартә еиҧш
аҭагылазаашьақәа.

Дарбанзаалак ауаҩы заа иҟаиҵахьаз ирахәым уск ма иуалҧшьа ахьынеимыгзаз азы аус даҭаны иқәзбара ҟалом, аара

зхаидырҵо аус инапы аналакыз амилаҭтә закәан ма адунеижәларбжьаратәи азин ас еиҧш иҟоу аус цәгьоураны иамҧхьазозҭгьы.

Насгьы еиҳа еицәоу хьырхура дузақәыршәом, ацәгьара аниуаз аамҭаз хьырхушьас иҟаз аамҷыдрахаз.

'''Ахәҭаҷ 12'''

Дарбанзаалак ауаҩы ихатәи иҭаацәаратә ҧсҭазаареи хаҳәатәыла, азакәан иаҵанамкуа аҧырхагахара азәгьы азин имам, иара
убасгьы инхарҭа ҭыҧи, шәҟәыла-быҕьшәыла имоу аимадарақәа рымазеи, ихьз-иҧшеи иаҳаҭыри кьыс рықәым. Дызусҭзаалак
абас еиҧш ианиҧырхагаха ма ианилакьыс аамҭаз азакәан дахьчароуп.

'''Ахәҭаҷ 13'''

Дарбанзаалак ауаҩы ҳәынҭқаррас дахьыҟазаалакгьы дахцо-дахьаауеи, иахьааиҭаххалак иҭыз-ҭыҧ алхреи дрықәиҭуп.

Дарбанзаалак ауаҩы иарбан тәылазаалакгьы, иара итәылагь убрахь иналаҵан далҵны ацареи иҧсадгьылахь ахынҳәреи рзин имоуп.

'''Ахәҭаҷ 14'''

Дарбанзаалак ауаҩы иара итәылаҿ дыкҿацалан дрымазар, азин имоуп даҽа тәым тәылак аҿы ахыҵәахырҭа аҧшаара.

Ари азин хархәара амоуроуп, аполитикатә ҵакы змоу ацәгьоура акәымкәа ус даҽа цәгьоурак иуызар, мамзаргьы Еиду

Амилаҭқәа Реиҿкара ахықәкәеи апринципқәеи ирҿагыло уск иадҳәалазар.

'''Ахәҭаҷ 15'''

Дарбанзаалак ауаҩы азин имоуп атәылауаҩ ҳәа ахьз аиура.

Дарбанзаалак ауаҩы хаҳәатәыла итәылауаҩра ма итәылауаҩра аҧсахразы имоу азин иалхәдаара ҟалом.

'''Ахәҭаҷ 16'''

Зықәра назоу арҧарацәеи аҳәса хәҷқәеи цәаҧшшәахәыла, милаҭла ма динхаҵарала ҳәа ҧкра ҟамҵакуа аҭаацәара алалара

азин рымоуп.Урҭ аҭаацәара ианалало аамҭазгьы, ҭаацәаракны ианеицынхогьы, мамзаргьы еилыҵуазар азәи азәи зинла еиҟароуп.

Аҭаацәара алаларазы ашәҟәҭагалара ҟалоит аҭаацәара иалало рҩыџьагьы ирҭахны, еиқәшаҳаҭны еибагозар.

Аҭаацәара ҧсабаратәла ауажәларратә еилазаара гәцәс иамоуп, убри аҟынтә аилазаарагь аҳәынҭқаррагь аҭаацәара

рыхьчозароуп.

'''Ахәҭаҷ 17'''

Дарбанзаалак ауаҩы азин имоуп амазара ихала ма ҽаџьоукы дрылахәны ҧшәымара азиуа дыҟазарц.

Азәымзар азәгьы хаҳәатәыла имазара имхра ҟалом.

'''Ахәҭаҷ 18'''

Дарбанзаалак ауаҩы ихәыцреи, иламыси, идинхаҵареи дрықәиҭны аҟазаара азин имоуп; ари азинахь иаҵанакуеит ауаҩы

идинхаҵареи идунеихәаҧшышьеи рыҧсахра ақәиҭра ахьилшо, азин имоуп иара убасгьы идини идунеихәаҧшышьеи рымаҵ иулар
ихала, ма егьырҭ ауаа дрылахәны, иаартны, мамзаргьы хаз ҷыдала, еиуеиҧшым анцәахаҵара иацу аритуалтә ҵасқәеи

аусхкқәеи рынагзара.

'''Ахәҭаҷ 19'''

Дарбанзаалак ауаҩы иара идунеихәаҧшышьа дақәиҭуп, насгьы ишиҭахыу уи аарҧшра азин имоуп; ари азин иаҵанакуа - досу
иара идунеихәаҧшышьа ҧымкрыда дықәныҟәалар илшоит, иара убасгьы дарбанзаалак аҳәынҭқарратә ҳәаақәа днырымкыло,
ишааиҭаххалак, еиуеиҧшым адыррақәеи аидеақәеи рыҧшаареи, риуреи, иара излаиманшәалоу амҩақәа рыла ауаа

рыларҵәареи илшоит ҳәа ауп.

'''Ахәҭаҷ 20'''

Дарбанзаалак ауаҩы аҭынчратә еизарақәеи ахеидкылақәеи ахрылархәра азин имоуп.

Азәымзар азәгьы мчыла џьара хеидкылак иалаҵара ҟалом.

'''Ахәҭаҷ 21'''

Дарбанзаалак ауаҩы иҳәынҭқарра напхгара аҭара ихы алаирхәыр илшоит хаҭала, мамзаргьы зхы иақәиҭу алхрала иалхыу

ахаҭарнакцәа рыла.

Дарбанзаалак ауаҩы егьырҭ зегь реиҧш азин имоуп иҳәынҭқарраҿ амаҵураҭыҧ аанкылара.

Ажәлар ргәаҳәара акәхароуп аиҳабыра рымчра шьаҭас иаиуа4 урҭ ргәаҳәара зныҧшуа аамҭа-аамҭала, насгьы еилагарада

имҩаҧгоу алхрақәа роуп. Алхрақәа мҩаҧысуазароуп зегьы еицырзеиҧшу, еиҟароу алхратә зинтә шьаҭа инақәыршәаны, маза
бжьыҭирала мамзаргьы ауаҩы ихы дақәиҭны ибжьы аҭира илзыршо даҽа мҩақәак азыҧшааны.

'''Ахәҭаҷ 22'''

Дарбанзаалак ауаажәларратә еилазаара иалахәу ауаҩы ауаажәларратә маншәалара имазарц азы, иара убас иаҳаҭыр

аламырҟәреи, ихаҭара ҿиара аиуларци рзы ихы иаирхәарц илшоит аекономикеи ауаажәларреи акульутреи рганахь ала имоу
азинқәа, амилаҭтә ҽазышәарақәеи адунеижәларбжьаратәи аицхыраарақәеи рыбзоурала иарбан ҳәынҭқарразаалак

ашьақәгылашьеи абеиарақәа иамои зеиҧшроу инақәыршәаны.

'''Ахәҭаҷ 23'''

Дрбанзаалак ауаҩы имоуп аџьеи иара ииҭахыу аусхк алхреи рзин, насгьы изаҧҵазароуп иусураз иахәҭоу аҭагылазаашьа

бзиақәа, усурада даанымхарцаз дзыхьчаша азингьы имазароуп.

Дарбанзаалак ауаҩы, изинқәа рҟны ҧкрак ҳәа ҟамҵакуа иџьабаа иашьашәалоу аџьаҧса аиура азин имоуп.

Дарбанзаалак аус зуа ауаҩы иара ихәҭоу, насгьы изхаша, ихи иҭаацәареи қәнагала изланыҟәигаша иџьабааҧса аиура азин

имоуп, зны-зынлагь ҧсыхәа анимам аамҭазы асоциалтә цхыраара иоулароуп.

Дарбанзаалак ауаҩы азаанаҭтә еидгылақәа раҧҵареи, иара интересқәа рыхьчараз азаанаҭтә еидгылақәа ралахәхареи азин

имоуп.

'''Ахәҭаҷ 24'''

Дарбанзаалк аҧсшьареи, иҧсшьара аамҭа иара ишиҭахыу аиҿкаареи рзин имоуп, иусура мшы аркьаҿреи ауалафахәы

зхыршәаауа изаамҭанытәиу аҧсшьара мшқәа риуреи азин абрахь иналаҵаны.

'''Ахәҭаҷ 25'''

Дарбанзаалак ауаҩы, ифатә-ижәтә, ишәҵатәы, иҩны-игәара, амедицинатә хылаҧшреи асоциалтә маншәалареи уҳәа зда

ҧсыхәа имам зегьы рганахь ала убри еиҧш аҧсҭазаара азин имазароуп иара ихгьы иҭаацәарагь ргәабзиареи рыбзазареи

ирыгмыжькуа иныҟәигаларц азы, иара убасгьы усурада данаанха, ма данычмазҩха, ма ааха ҕәҕәа аниоу, данеибаха ма

данажә

аамҭазы, мамзаргьы иара ихарамкуа ихы изныҟәымго даныҟала имазароуп ахныҟәгараз ацхыраара азин.

Анацәеи ахәыҷқәеи иҷыдоу ахылаҧшреи ацхыраареи рзин рымоуп. Дарбан хәыҷызаалакгьы, аҭаацәараҿы диизаргьы,

днашҧазаргьы социалла дыхьчазароуп.

'''Ахәҭаҷ 26'''

Дарбанзаалак ауаҩы аҵара азин имоуп. Аҵара аиура, алагамҭатәи абжьаратәи ирыдамхаргьы, хәыда-ҧсада иҟазароуп.

Алагамҭатә ҵара зда ҧсыхәа ыҟам акакәзароуп. Атехникатә, ма апрофессионалтә ҵара изҭаххалак зегьы ироуртә

аҭагылазаашьа

ыҟазароуп. Иреиҳау аҵарагьы, досу илшара зеиҧшроу ала, иқәманшәалахо зеиҧшроу еиҧш изҭаххалак зегьы аиура азин

рымазароуп.

Аҵара ауаҩы ихаҭара иназаны аҿиара иацхраауазароуп, иара убасгьы ауаҩы изинқәеи ихадароу ихақәиҭрақәеи рышҟа иҟоу
аҳаҭырқәҵара шьҭнахуазароуп. Аҵара адунеи ажәларқәа зегь рыбжьареи, цәаҧшшәахәылеи, хылҵшьҭралеи динхаҵаралеи
еихшоу ауаа ргәҧқәа рыбжьареи аилибакаареи, анеибачҳареи, аиҩызареи ирыцхраауазароуп, насгьы Еидҵоу Амилаҭқәа
Реиҿкаара аҭынчра арҕәҕәаразы имҩаҧнаго аусура иацхраауазароуп.

Аҭаацәа рхәыҷқәа рықәра маҷнаҵ азин рымоуп рхәыҷқәа рзы еиҕьуп ҳәа ҵара хкыс ирыҧхьазо алхра.

'''Ахәҭаҷ 27'''

Дарбанзаалак ауаҩы азин имоуп акультуратә ҧсҭазаара иара ишиҭахыу алахәхара, аҟазара гәахәара инаҭо аҟаҵара,

аҵарадырратә прогресс аҽалархәра, насгьы уи уаҩы инаҭо абеиарақәа рхархәара.

Дарбанзаалак анаукатә, алитературатә, ма асахьаркыратә усумҭақәа аҧызҵаз иусумҭақәа рганахь ала имоу ауаҩышәаратәи
аматериалтәи интересқәа рыхьчара азин имоуп .

'''Ахәҭаҷ 28'''

Дарбанзаалак ауаҩы абри Адекларациаҿ зызбахә ҳәоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи инагзаны аҧсҭазаараҿы аларҵәара алзыршаша
ауаажәларратәи адунеижәларбжьаратәи еиҿкаашьақәа рзин имоуп.

'''Ахәҭаҷ 29'''

Дарбанзаалак ауаҩы аилазаара аҿаҧхьа идуп еиуеиҧшым ауалқәа. Убри аилазаара аҩныҵҟоуп иара ихаҭарагьы инагзаны
ҧымкрыда иахьҿиауа.

Абарҭ азинқәеи ахақәиҭрақәеи рынагзараан ауаҩы дҧызкуа ҳәа акгьы ыҟамзароуп, егьырҭ ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи

иахәҭоу аҳаҭырқәҵара роурц азы, насгьы ауаҩышәара дҵак аҳасабала хра зланы иқәнаргыло азҵаатәқәа рынагаразы,

адемократиатә еилазаараҿ ауаажәларратә еиҿкаара ашьақәыргылареи азеиҧш мышхәабзазареи рзы азакәан ишьақәнаргыло
ҧкрақәак рыда.

Абарҭ азинқәеи ахақәиҭрақәеи рынагзара Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара ахықәкқәеи апринципқәеи ирҿамгылозароуп.

'''Ахәҭаҷ 30'''

Абри Адекларациаҿ иану иарбан хәҭаҷзаалакгьы хаз игоу ҳәынҭқаррак, ма гәҧҩык ауаа, мамзаргьы хаҭала азәы абраҟа

зызбахә ҳәоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи раҧыхраз аусқәа рымҩаҧгара азин инаҭоушәа аилкаара иашам.

[[af:Universele Verklaring van Menseregte]]
[[als:Allgemeine Erklärung der Menschenrechte]]
[[am:«የሰብዓዊ መብት አቀፋዊ መግለጽ»]]
[[an:Declaración Universal d'os Dreitos Humans]]
[[ar:الإعلان العالمي لحقوق الإنسان]]
[[arz:الاعلان العالمى لحقوق الانسان]]
[[ast:Declaración Universal de los Derechos Humanos]]
[[ay:Akpach jaqe walinkañapataki inoqat aru]]
[[bat-smg:Vėsoutėnė žmuogaus teisiu deklaracėjė]]
[[be:Усеагульная дэкларацыя правоў чалавека]]
[[be-x-old:Усеагульная дэклярацыя правоў чалавека]]
[[bg:Всеобща декларация за правата на човека]]
[[bm:Hadamaden josiraw dantigɛkan]]
[[bn:মানবাধিকার সনদ]]
[[bo:༄༅༎ ཡོངས་ཁྱབ་གསལ་བསྒྲགས་འགྲོ་བ་མིའི་ཐོབ་ཐང༌།]]
[[br:Disklêriadur Hollvedel Gwirioù Mab-den]]
[[bs:Univerzalna deklaracija o ljudskim pravima]]
[[ca:Declaració Universal dels Drets Humans]]
[[cs:Všeobecná deklarace lidských práv]]
[[cy:Datganiad Cyffredinol am Hawliau Dynol]]
[[da:FN's Verdenserklæring om Menneskerettighederne]]
[[de:Allgemeine Erklärung der Menschenrechte]]
[[diq:Beyannameyê heqanê insananê erd u asmêni]]
[[ee:Amegbetɔ ƒe Ablɔɖevinyenye ŋu Kpeɖoɖodzinya]]
[[el:Οικουμενική Διακήρυξη για τα Ανθρώπινα Δικαιώματα]]
[[en:Universal Declaration of Human Rights]]
[[eo:Universala Deklaracio de Homaj Rajtoj]]
[[es:Declaración Universal de los Derechos Humanos]]
[[et:Inimõiguste ülddeklaratsioon]]
[[eu:Giza Eskubideen Aldarrikapen Unibertsala]]
[[fa:اعلامیه جهانی حقوق بشر]]
[[fi:Ihmisoikeuksien yleismaailmallinen julistus]]
[[fiu-vro:Inemiseõigusõ kuulutus]]
[[fo:Mannarættindayvirlýsing]]
[[fr:Déclaration universelle des droits de l'homme]]
[[fur:Declarazion universâl dai dirits dal om]]
[[fy:Universele Ferklearring fan de Rjochten fan de Minske]]
[[ga:Dearbhú Uilechoiteann Chearta an Duine]]
[[gag:İnsan hakların cümlä deklarațiyası]]
[[gl:Declaración Universal dos Dereitos Humanos]]
[[gn:Tekove yvypora kuera maymayva derecho kuaaukaha]]
[[he:ההכרזה לכל באי עולם בדבר זכויות האדם]]
[[hi:मानवाधिकारों की सार्वभौम घोषणा]]
[[hif:Universal Declaration of Human Rights]]
[[hr:Opća deklaracija o pravima čovjeka]]
[[hu:Az emberi jogok egyetemes nyilatkozata]]
[[hy:Մարդու իրավունքների համընդհանուր հռչակագիր]]
[[ia:Declaration Universal del Derectos Human]]
[[id:Pernyataan Umum tentang Hak-Hak Asasi Manusia]]
[[ie:Universal Declaration del Jures Homan]]
[[io:Universala deklaro di homala yuri]]
[[is:Mannréttindayfirlýsing Sameinuðu þjóðanna]]
[[it:Dichiarazione universale dei diritti umani]]
[[ja:世界人権宣言]]
[[ka:ადამიანის უფლებათა საყოველთაო დეკლარაცია]]
[[kab:Tiṣerriḥt tagraɣlant izerfan n wemdan]]
[[kk:Адам құқықтарының жалпыға бірдей декларациясы]]
[[kl:Inuttut pisinnaatitaafiit pillugit silarsuarmioqatigiinut nalunaarut]]
[[ko:세계 인권 선언]]
[[krc:Адамны хакъларыны тамал декларациясы]]
[[ku:Danezana Gerdûnî ya Mafên Mirovan]]
[[ky:Адам укуктарынын жалпы декларациясы]]
[[la:Universa Iurum Humanorum Declaratio]]
[[lad:Deklarasion Universala de los Diritos Umanos]]
[[lb:Universal-Deklaratioun vun de Mënscherechter]]
[[lg:Ekiwandiiko Eky'abantu Bonna Ekifa ku Ddembe Ly'obunto]]
[[li:Universeel Verklaoring van de Rechte van d'r Miensj]]
[[ln:Lisakoli ya molongo ya makoki ya moto]]
[[lt:Visuotinė žmogaus teisių deklaracija]]
[[lv:Vispārējā cilvēktiesību deklarācija]]
[[mg:Fanambarana Iraisam-pirenena momban'ny Zon'Olombelona]]
[[mk:Универзална декларација за човековите права]]
[[ml:അന്താരാഷ്ട്ര മനുഷ്യാവകാശ പ്രഖ്യാപനം]]
[[mn:Хүний Эрхийн Түгээмэл Тунхаглал]]
[[mr:मानवाधिकाराचे वैश्विक घोषणापत्र]]
[[ms:Perisytiharan Hak Asasi Manusia Sejagat]]
[[mwl:Declaraçon Ounibersal de ls Dreitos Houmanos]]
[[my:အပြည်ပြည်ဆိုင်ရာ လူ့အခွင့်အရေး ကြေငြာစာတမ်း]]
[[new:मानवअधिकार सम्बन्धि राष्ट्रसंघया विश्वव्यापी घोषणा]]
[[nl:Universele verklaring van de rechten van de mens]]
[[nn:Menneskerettsfråsegna]]
[[no:Menneskerettighetserklæringen]]
[[nv:Bee Hazʼą́ą Ił Chʼétʼaah]]
[[oc:Declaracion Universala dels Dreches Umans]]
[[pl:Powszechna Deklaracja Praw Człowieka]]
[[pnb:انسانی حقاں دا عالمی اعلان]]
[[ps:د بشري حقونو نړېواله اعلاميه]]
[[pt:Declaração Universal dos Direitos Humanos]]
[[qu:Pachantin llaqtakunapi runap allin kananpaq hatun kamachikuy]]
[[ro:Declarația Universală a Drepturilor Omului]]
[[ru:Всеобщая декларация прав человека]]
[[rue:Універзална декларація людьскых прав]]
[[rw:Itangazo Mpuzamahanga ryerekeye Uburenganzira bwa Muntu]]
[[sah:Киһи быраабын биирдэһиллибит декларацията]]
[[sc:Decraratzione Universale de sos Deretos de s'Òmine]]
[[sco:Universal Declaration o Human Richts]]
[[sg:Dêpä tî pöpöködörö tî ndiä tï bata nengö terê tï zo takapa]]
[[sh:Univerzalna deklaracija o ljudskim pravima]]
[[simple:Universal Declaration of Human Rights]]
[[sk:Všeobecná deklarácia ľudských práv]]
[[sl:Splošna deklaracija človekovih pravic]]
[[so:Baaqa Caalamiga ee Xuquuqda Aadanaha]]
[[sq:Deklarata e Përgjithshme mbi të Drejtat e Njeriut]]
[[sr:Универзална декларација о људским правима]]
[[ss:Simemetelo Semhlaba Wonkhe Mayelana Nemalungelo Ebuntfu]]
[[sv:FN:s deklaration om de mänskliga rättigheterna]]
[[sw:Azimio la ulimwengu juu ya haki za binadamu]]
[[ta:உலக மனித உரிமைகள் சாற்றுரை]]
[[tet:Deklarasaun Universál Direitus Umanus Nian]]
[[th:ปฏิญญาสากลว่าด้วยสิทธิมนุษยชน]]
[[tpi:Toksave long ol raits bilong ol manmeri long olgeta hap bilong dispela giraun]]
[[tr:İnsan Hakları Evrensel Bildirisi]]
[[uk:Загальна декларація прав людини]]
[[ur:انسانی حقوق کا آفاقی منشور]]
[[uz:Inson Huquqlari Umumjahon Deklaratsiyasi]]
[[vec:Dichiarasion Universałe de i Diriti de l'Omo]]
[[vep:Ristitun oiktusiden ühthine deklaracii]]
[[vi:Tuyên ngôn Quốc tế Nhân quyền]]
[[wa:Declaråcion univiersele des droets del djin]]
[[war:Sangkalibutan Nga Pag-Asoy Bahin Han Kanan Tawo Mga Katungod]]
[[yi:אלוועלטלעכע דעקלאראציע פון מענטשרעכט]]
[[yo:Ìkéde Akáríayé fún àwọn Ẹ̀tọ́ Ọmọnìyàn]]
[[zh:世界人权宣言]]
[[zh-classical:世界人權宣言]]
[[zh-min-nan:Sè-kài Jîn-koân Soan-giân]]
[[zh-yue:世界人權宣言]]